Атренингқәа

Абҵара 2017 ш. Ацентр «Апроспект» аартра ашәымҭа ашьҭахь араҟа еиуеиԥшым аусмҩаԥгатәқәа мҩаԥыргоит: асеминарқәа, атематикатәи акоординациатәи еиԥыларақәа, алекциақәа уҳәа убас егьырҭгьы. Ацентр «Апроспект» Аԥсны атәылауаҩратә уаажәларратә еиҿкаарақәа рымчхара аҿиара иацхраауеит. Абри ахықәкы хада анагӡаразы Ацентр «Апроспект» ашьаҭаҟны имҩаԥган атәылауаҩратә уаажәларратә еиҿкаарақәа рымчхара аҿиареи, насгьы апроектқәа раԥҵареи, апроекттә дгаларақәа разыҟаҵареи, апроекттә аихшанҵареи ирызку атренингқәа маҷымкәа.

Атренинг программақәа 90 инареиҳаны алахәцәа рылахәын. Урҭ рахьынтә 46 атәылауаҩратә уаажәларратә еиҿкаарақәан, насгьы атренингқәа раан хыԥхьаӡара рацәала зхы бзианы иаазырԥшыз аиндивидуалтә актвистцәа. Аусеицураан, жәларбжьарратәи аекспертцәа рыцхыраарала, атәылауаҩратә уаажәларратә еиҿкаарақәеи абжьгаратә гәыԥқәа рхаҭарнакцәеи алҵшәа бзиа змоу, иҭышәынтәалоу, иқәку агәыԥқәа рахь имҩақәҵоу апроект азыҟаҵара иазку рдыррақәа еиӷьыртәеит.

CSSPЕиду Амилаҭқәа Рхеилак Аҿиаратә Программа еиҿнакааз атренингқәа рсиа:

  • Атәылауаҩратә уаажәларратә еиҿкаарақәа рыҿиара;
  • Апроект аԥҵара;
  • Апректтә дгалара аԥҵара:
  • Апроекттә аихшанҵара.
  • Х-мыштәи азыҟаҵарақәа ҩба атәылауаҩратә уаажәларратә еиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа ҩ-гәыԥк рзы;
  • Ҩ-мыштәи азыҟаҵарақәа ҩба атәылауаҩратә уаажәларратә еиҿкаарақәаахаҭарнакцәа ҩ- гәыԥк рзы.
  • Алагаратә информациа;
  • Апроекттә дгалара аԥҵаразы ашьаҿақәа;
  • Ауадаҩрақәа ахәшьара рыҭареи анлиз ҟаҵареи рзы амаругақәа;
  • Аиҿкаара амалқәа ахәшьара рыҭара;
  • Апроект адизаин (алогистикатә хкқәа, аԥсахрақәа ртеориа, алогистикатә матрица амаругақәа);
  • Апроекттә стратегиа;
  • Ашәарҭарақәа ахәшьара рыҭара;
  • Амониторингеи ахәшьараҭареи атемахь алагалара;
  • Алҵшәа иақәырԥшу апроект аԥҵара азнеишьа;
  • Апроект арбагақәа, уи алагамаҭатә дыррақәеи ахықәкқәеи;
  • Ахәшьараҭареи амониторингеи аҟаҵашьақәа;
  • Апроект алҵшәақәа разгәаҭара.

Атәылауаҩратә уаажәларратә еиҿкаарақәа рыҿиара.

Аԥсны атәылауаҩратә уаажәларратә еиҿкаарақәеи аиндивидуалтә активистцәеи иҷыдоу адыррақәа рыҭыра акәын атренинг хықәкы хадас иамаз. Урҭ адыррақәа рыбзоурала алахәцәа атәылауаҩратә уаажәларратә институтқәа рфункциақәеи рхықәкқәеи еилыркаауеит, насгьы атәылауаҩратә уаажәларратә еиҿкаарақәа арегистрациеи анапхгараҭареи атехникатә зцараақәа днардыруеит.

Атренинг ҩ-гәыԥк рзы ҩ-хәҭакны ишаз ҩ-мыштәи азыҟаҵарақәа рыла ишьқәгылан (есгәыԥ хыԥхьаӡарала 20-ҩык алахәцәа еиҳамкәа).

  Апроект аԥҵара.

Атренинг хықәкыс иамаз атәылауаҩратә уаажәларратә еиҿкаарақәа апроект аԥҵара апринципқәа ирызку инеиҵыху аинформациа рыҭареи апроекттә дгалара аҩратә зҟазарақәа реиӷьытәреи ауп.

Атренинг ҩ-хәҭакны ишьақәгылан:

Апроект аԥҵареи Апроекттә дгалареи ирызкыз атренигқәа усхәаԥштәыс ирымаз анаҩстәи азҵаарақәа роуп

Апроекттә еихшанҵа.

 

Атренинг хықәкыс иамаз CSSPапроекттә еиндаҭлара зхы алазырхәырц зҭахыз атәылауаҩратә уаажәларратә еиҿкаарақәеи, абжьгаратә гәыԥқәеи, аналитикатә усбарҭақәеи, аексперттә еиҿкаарақәеи, ауаажәларратә активистцәеи зхаҭабзиара ҳараку апроекттә дгалара аҟаҵара иазку иҷыду адыррақәа рыҭара.

 

Апроект иалагӡаны алахәылацәа зегьы ирыдгалан апроекттә ҿахәҳәага ахарҭәаара иазку аинформациа.

 

Атренинг тема хадақәас иамаз абарҭ ракәын:

 

  • Аҭагылазаашьа анализеи ахықәкы алхреи;
  • Аметодологиа алхра;
  • Апроект анагӡаразы аихшанҵара;
  • Апроект абиуџьет.

 

Алахәылацәа зегьы жәларбжьарратәи азыҟаҵаҩ онлаин – бжьгарала иҿцәажәаратә алшара роуеит.

niz1

© 2018 Your Company. All Rights Reserved. Designed By JoomLead